Ауаажәларратә усзуҩ Нодар Наҭаӡе иҧсҭазаара далҵит
Ауаажәларратә усзуҩ Нодар Наҭаӡе иҧсҭазаара далҵит

Алитературадырҩы, алингвист,  Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу Ахеилак раҧхьатәи ааҧхьара адепутат, Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара Акт знапы аҵызҩыз иреиу Нодар Наҭаӡе,  93 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.

1957-1963 шықәсқәа рзы Нодар Наҭаӡе Қырҭтәыла Аҵарадырратә академиа аҵарадырратә усзуҩс аус иуан;  1963—1969 шықәсқәа рзы  — Қырҭтәыла Аҵарадырратә академиа Алитература аинститут  аҵарадырратә усзуҩс дыҟан;  1969 шықәса инаркны Қырҭтәыла аҵарадырратә академиа Афилософиа аинститут дахагылан;  1990-1991 шықәсқәа рзы Нодар Наҭаӡе Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу Ахеилак раҧхьатәи ааҧхьара адепутатс дыҟан —  иара Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыҧшымра аиҭашьақәыргылара Акт знапы аҵазҩыз дреиун.

Нодар Наҭаӡе иакымкәа аҵарадырратәи апублицистикатәи усумҭақәеи амонографиақәеи дравторуп.