Австриа урыстәылатәи агаз ахәԥса амааҭқәа рыла ашәара ақәшаҳаҭхеит
Австриа урыстәылатәи агаз ахәԥса амааҭқәа рыла ашәара ақәшаҳаҭхеит

Австриа аканцлер Карл Неҳамер иҟаиҵаз аҳәамҭала, австриатәи анефти агази реилахәыра OMV Урыстәыла аҳәара ақәшаҳаҭхеит.

Аканцлер ишааицҳаз, Путин уи иқәиӷәыӷит Австриа урыстәылатәи аԥсабартә газ шаиуа.

Уаанӡа, агаз ахәԥса амааҭқәа рыла ашәара иақәшаҳаҭхеит Венгриеи Сербиеи.

Ари азҵаара иахәаԥшуеит Германтәылаҿгьы. Иашьҭанеиуа атранш Германтәыла лаҵаразы ҟанаҵароуп.

Иахьа инаркны Польшеи Болгариеи Урыстәылатәи агаз роуӡом.