Австриа аканцлер  - Акадидат-тәылақәа  зегьы  еиҧшу аҭагылазаашьақәа рымазаруоп, сара дҽазнык  ишьақәсырҕәҕәоит Австриа Қырҭтәыла адгылара ишазыхиоу
Австриа аканцлер  - Акадидат-тәылақәа  зегьы  еиҧшу аҭагылазаашьақәа рымазаруоп, сара дҽазнык  ишьақәсырҕәҕәоит Австриа Қырҭтәыла адгылара ишазыхиоу

 Австриа афедералтә канцлер   Карл  Неҳаммер ишиҳәаз ала, Австриа, евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иадгылоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министри иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы Карл Неҳаммер  Иракли Ҕарибашвили ахырхарҭақәа зегьы рыла ацхыраара идигалеит.

«Аҧыза-министр Евроеидгыла алалара апеспективагьы  дазааҭгылеит, иахьа аҭагылазаашьа злаҟо ала, ари ахырхарҭа аҵакы ду амоуп, избанзар, уи агеостратегиатә  мацара акәымкәа, аекономикатә ганахьлагьы аҵакы ду амоуп. Апресс-конференциа иалагаанӡа ари азҵаара ҳалацәажәеит. Ари ахырхарҭала  ақәҿиара аиуразы иҟаҵатәу ҳалацәажәеит.

Аҧыза-министр исзеиҭеиҳәеит Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡаразы  иҟаҵоу. Абри зегьы  аҟаҵара мариам, уи ибзиаӡаны еилаҳкаауеит, аха, ари ахырхарҭала ҧхьаҟацара ахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит,избанзар, ари апроцесс атәыла аҩныҵҟатәи аполитикаҿы аиҭакра дуқәа шәзаанагоит, атәыла ауааҧсыра хырҳагара ду роуеит.

Ари аус еснагь  аҳасабқәа рацәа  ацуп.Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр ахырхарҭақәа зегьы  рыла ацхыраара идазгалеит.  Аамҭакала, иазгәасҭар сҭахуп, акандидат-тәылақәа зегьы еиҧшу аҭагылазаашьақәа рымазароуп,  ари ахықәкы анагӡаразы амҩа кьаҿ иҟазароуп.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы Евроеидгыла аҩныҵҟа ари атема активла иалацәажәоит, атәылақәа рыхҧагьы изакәытә қәҿиарақәоу ирымаз иалацәажәоит, ҳара Австриа  аҟынтә адгылара ҳаналацәажәо, даҽазнык ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп Австриа шәыдгылара ишазыхиоу. Ҳара абри апроцесс ҳахысхьеит, ари ахырхарҭала иҟаҵатәу аадыруеит», — иҳәеит  Карл Неҳаммер.