Авиаеилахәыра "Georgian Airways" Қарҭ-Москва-Қарҭ ахырхарҭала ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит
Авиаеилахәыра “Georgian Airways” Қарҭ-Москва-Қарҭ ахырхарҭала ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Атәылауаҩратә авиациа агентра.
Агентра адыррала, лаҵара 20 инаркны ареисқәа мҩаҧгахоит мчыбжьыкала бжьынтә.
Зыӡбахәы ҳәоу авиаеилахәыра Атәылауаҩратә авиациа агентра аҟынтә азин аиуит иахьа, лаҵара 16 рзы.