Авиаеилахәыра  Flydubai  Баҭым ахырхарҭаала арегулиартә реисқәа рымҩаҧгара еиҭалагоит

Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рлоукастертә авиаеилахәыра Flydubai  Баҭым ахырхарҭала арегулиартә реисқәа рымҩаҧгара еиҭалагоит.

Аҧыррақәа мҩаҧгахоит аҳаирплан  Boeing 737-800 ала: Дубаи — Баҭым — Дубаи ареисқәа мҩаҧгахоит лаҵара 12 инаркны нанҳәа  29-нӡа,  есымчыбжь ахашеи, ахәашеи, амҽышеи рзы.

Иара убас, лаҵара  13, 14, 16,  17 рзы, авиаеилахәыра иацҵаны ареисқәа мҩаҧнагоит  Дубаи- Қарҭ-Дубаи ахырхарҭала.