Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 140-ҩык иреиҳаны атәылауаа
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 140-ҩык иреиҳаны атәылауаа

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 140-ҩык иреиҳаны атәылауааю

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиқәырхратә усурақәа ирылахәуп алақәа змоу аиқәырхаратә гәыԥқәа.

“Онтәи амуниципалитет аҿы аиқәырхаратә уснагӡтәқәа ирылахәуп 400-ҩык ҟынӡа амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу ҟәшақәа рхаҭарнакцәеи, аиқәырхаратә усурақәа уахынла нагӡахоит. Иахьа, асааҭ 06:00 инаркны аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ агьежьԥрыгақәа аусура еиҭалагеит. Аоперациа рхы аладырхәеит  Имереҭии,Раҷа-Лечхәымии Ҵаҟатәи Шәантәылеи рполициа адепартамент аусуҩцәа.

Аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 140-ҩык иреиҳаны атәылауаа”,- аарыцҳаит аусҳәарҭа  аҟынтә.

Аиқәрхаратә агьежьԥрыгақәа ашьыжь шаанӡа аусура еиҭалагеит. Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз, агьежьԥрыгақәа рыла аҭыԥ ахь инеит агеологцәа ргәыԥ, урҭ аҭагылазаашьа ҭырҵароуп. Уахынла аԥсабаратә рыцҳара азонахь иацҵаны идәықәҵан аиқәырхаҩцәеи атехника ҷыдеи. Они амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭа Глолаҿ амодилтә штаб еиҿкаан.

Шови иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусура хацнаркит ацәаҳәа ҷыда – 598 913 089. Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы, иҭахеит ҩыџьа.