Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәылантә Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵоит даҽа   40ҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи   
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәылантә Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵоит даҽа   40ҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи   

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  аинформациала,  ақырҭуа аиқәырхаҩцәа иаха шаанӡа  аҭырқәа ақалақь Адыиаман аиқәырхаратә операциа иалахәын, дара ҧҳәыск деиқәдырхеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ ишырҳәаз ала, Адыиаман ақалақьахь даҽа  40ҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи дәықәырҵарц рыӡбеит.

Аинформациа ишану ала, ақырҭуа  аиқәырхаҩцәа  ҳаамҭазтәи иашьашәалоу атехникала еибыҭоуп.  Ақырҭуа  аиқәырхаҩцәа русура анапхгара азиуеит  Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мҕебришвили.