Аҩны шкәакәантә ишаарыцҳаз ала, ацхыраара апакет ҿыц аҟынтә Украина абџьар аиура алагеит
Ацхыраара апакет ҿыц аҟынтә Украина абџьар аиура алагеит, – аалыцҳаит Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ Карин Жан-Пиер.
Жан-Пиер лажәақәа рыла, ари азҵаара гәҽанҵара ду ала иахцәажәатәуа, иазыԥхьагәаҭатәуп аоперативтә шәарҭадара азҵаара.
„Украина ашҟа ацхыраара ҳашьҭхьеит, урҭ ашәарҭадара ахырхарҭала ацхыраара роуеит”, – илҳәеит Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ.
ЕАШ асенат Украина ацхыраара аҳасабла азалнахит 61 миллиард доллар.