Аҩы амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ақырҭуа аҩытә бренд Lost Eden аалыҵ Америка 4 штатк рҿы аҭира иалагоит.
Америка идуӡӡоу адистрибиутертә еилахәыра Southern Glazer’s Wine & Spirits ақырҭуа аҩы ҟаҧшь еиуеиҧшым ахкқәа рыҭира иалагоит Делавери, Флоридеи, Пенсильваниеи, Ниу-Гемпшири аштатқәа рҿы.
Lost Eden Америка ақырҭуа аҩы 20 000 ҧатлыкақәа рҭихьеит.
Аҩы амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, Еиду Аштатқәа, ақырҭуа аҩы азы, астратегиатә џьармыкьақәа иреиуп, аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыла аҩы аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит. Ҳазну ашықәс раҧхьатәи 10 мза рыла, Қырҭтәылантә Америкаҟа идәықәҵан 804 нызқь ҧатлыка аҩы, ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 33%-ла иаҳа ирацәаны.