Аҩбатәи ирҿыцу Су-25 аҧышәаратә аҧырра қәҿиарала имҩаҧысит [авидео]
Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аҩбатәи ирҿыцу Су-25 аҧышәаратә аҧырра қәҿиарла имҩаҧысит.
«Қырҭтәыла арбџьармчқәа рылшарақәа реиҭашьақыргылареи рырҿыцреи апроцесс инагӡоит. Аҩбатәи ирҿыцу Су-25 аҧышәаратә аҧырра қәҿиарла имҩаҧысит. Актәи ирҿыцу аҳаирплан Су-25 аҧышәаратә аҧырра мҩаҧган хәажәкыра 6 рзы. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ирҿыцу аҳаирпланқәа Су-25 анеҩстәи амзақәа рзгьы аҧышәаратә аҧыррақәа мҩаҧыргоит», — ирҳәеит атәылахьчара аминистрраҿы.