Аҩадатәи Македониаҿы ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит

Аҩадатәи Македониаҿы ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит.  Алхрақәа рҿы абжьыҭира азин рымоуп  1,8 миллионҩык ауааҧсыра.  Атәыла ахада иҭыҧ иазықәҧоит ҩыџьа акандидатцәа  – анапхгаратә „Социал демократиатә партиа“ алахәыла Стево Пендаровски аоппозициатә партиа ахаҭарнак  Гордана Силиановска – Давковеи.

Асоциологиатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, анапхгаратә партиа акандидат идгылоит 25 наӡына алхыҩцәа 25, аоппозициатә кандидат  16 наӡына еизылгеит.  Алхыҩцәа рҟынтәи  40 наӡына макьана абжьыҭира рхы аладмырхәыцт.

Алхрақәа рылҵшәақәа уаха еилкаахоит.