Аҩадатәи Македониа ахада  - Ҳара НАТО алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара аргама ҳадгылоит
Аҩадатәи Македониа ахада  - Ҳара НАТО алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара аргама ҳадгылоит

«НАТО иалалар зҭаху Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи  мап рыцәкразы изакәызаалак мзызк, изакәызаалак аргументк збом», — иҳәеит Аҩадатәи Македониа ахада  Стево Пендаровски Мадрид НАТО асаммит иалагаанӡа.

Иара ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа НАТО иреиҕьу политикоуп иаарту ашә аполитика, уи ҧсахтәым.

«Ҳара НАТО алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара аргама ҳадгылоит. НАТО иалалар зҭаху атәылақәа зегьы ашә рзаатызароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.  Иахьа адунеи атәылақәа зегьы рҟынтә ахаҭарнакцәа ҳамоуп. Австралиа,  Иапониа,  Колумбиа,  Аладатәи Кореиа.   НАТО иалалар зҭаху Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи  мап рыцәкразы изакәызаалак мзызк, изакәызаалак аргументк збом. Ари аганахьала Украина ҷыдала иалыскаар сҭахуп. Атәыла цыҧхьаӡа ахатә адәныҟатәи политикеи ашәарҭадара архитектуреи  алхра азин амазароуп. Ахьыҧшымра наӡа — ЕАР иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы ршьаҭанкылатә демократиатә зинуп», — иҳәеит  Стево Пендаровски.