Атуризм амилаҭтә администрациа  -  Ажьырныҳәазы Қырҭтәыла жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи  114 миллион адоллар ахашәала аиуит
Атуризм амилаҭтә администрациа - Ажьырныҳәазы Қырҭтәыла жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи 114 миллион адоллар ахашәала аиуит

2022 шықәса ажьырныҳәазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рҟынтә  114,022,899  адоллар ахашәала аиуит (2021 шықәса иаҿаҳарҧшыр, ахашәала азҳаит  69.3% рыла. 2021 шықәса ажьырныҳәа иаҿаҳарҧшыр жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рҟынтә ахашәала 103,663,879 (+1,007%) америкатә доллар рыла иазҳаит), — иануп Атуризм амилаҭтә администрациа аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭа адыррақәа рыла,  2022 шықәсазы аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара азҳара атенденциа иубарҭоуп.

«2022 шықәса ажьырныҳәазы Қырҭтәыла иаҭааит  199,393-ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа. Урҭ реиҳаара атәыла иаҭааит аҳаиртә транспортла. 2021 шықәса ажьырныҳәа иаҿаҳарҧшыр, аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара +471% рыла иазҳаит», — иануп Атуризм амилаҭтә администрациа аҳәамҭаҿы.