Атранспорт ласси апассаџьыртә транспорти Рикоҭтәи аҳаҧкылҵәаҿы уахгьы-ҽынгьы аиҭаҵра алшоит
Атранспорт ласси апассаџьыртә транспорти Рикоҭтәи аҳаҧкылҵәаҿы уахгьы-ҽынгьы аиҭаҵра алшоит

 

Қырҭтәыла Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациа инақәыршәаны, Рикоттәи аҳапкылҵәаҿ имҩаҧысуа аусурақәа ирыдҳәаланы, Рикоҭтәи аҳапкылҵәаҿ ишьақәыргылаз аиҭаҵратә режим жьҭаара 12 инаркны ирыҧсахит.

Амашьына ласқәеи апассаџьыртә транспорти рзы ишьақәыргылаз арежим ҷыда аҧыхуп, убри аҟынтә, атранспорт ласси апассаџьыртә транспорти Рикоҭтәи аҳаҧкылҵәаҿы уахгьы-ҽынгьы аиҭаҵра алшоит.

Ацраҳәагақәа змоу атранспорт азы ишьақәыргылаз арежим иаанхоит, аха, уи 4 сааҭк ацырҵеит. Убри аҟынтә, ацраҳәагақәа змоу атранспорт Рикоҭи аиҭаҵра алшоит асааҭ  21:00 инаркны  07:00-нӡа.

Рикоҭтәи аҳапкылҵәаҿ 24 сааҭ рыҩныҵҟа амониторинг мҩаҧысуеит.