Атомтә енергиазы жәларбжьаратә агентра ишьақәнарҕәҕәеит Запорожиетәи атомтә афымцастанциаҿы аҭагылазаашьа шыцәгьоу, астанциа аус ауеит арезервтә генераторқәа мацара рыла
Атомтә енергиазы жәларбжьаратә агентра ишьақәнарҕәҕәеит Запорожиетәи атомтә афымцастанциаҿы аҭагылазаашьа шыцәгьоу, астанциа аус ауеит арезервтә генераторқәа мацара рыла
Атомтә енергиазы жәларбжьаратә агентра ишьақәнарҕәҕәеит Запорожиетәи атомтә афымцастанциаҿы аҭагылазаашьа шыцәгьоу.
Ари аинформациа аланарҵәеит Украина Аенергетика аминистрра.
Ишдыруа ала, аҵыхәтәантәи жәамш ирылагӡаны, Запорожиетәи атомтә афымцастанциа арезервтә генераторқәа мацара рыла аус ауеит. Аминистрра адыррақәа рыла, дара агенераторқәа жәамш мацара аус зларуша абылтәы рымоуп.
Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра адиректор Рафаель Мариано иҳәамҭала, аҭагылазаашьа уадаҩуп, избанзар, арезервтә системақәа зегьы аусура иаҟәыҵыр, аиадертә былтәы аӡыҭра иалагар ауеит.
Уаанӡа, Украина ахада, авидеоааҧхьараҿы ааицҳаит Запорожиетәи атомтә афымцастанциаҿы аҭагылазаашьа шыцәгьоу.