«Сынтәа, ԥхынгәы 2 рзы аплан иалаз арратә зыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Атәылахьчара аминистрра иатәыз ҳаирпланк каҳаит», — аарыцҳаит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, амашәыр аан дҭахеит Су-25 аԥырҩы Кахабер Зурабашвили.
«Амашәыр зыхҟьаз аилкааразы аусԥшаара хацыркуп. Атәылахьчара аминистрра иҭахаз аԥырҩы иҭаацәареи иуацәеи рыдашшылоит», —иануп аҳәамҭа аҿы.