Атәылахьчара аминистр НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда диҧылеит
Атәылахьчара аминистр НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда диҧылеит

Қырҭтәыла атәлыахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломина дидикылеит.

Атәылахьчара аминистрра апрессмаҵзура аҟынтәи ишаарыцҳаз ала,  Џьуаншер Бурҷулаӡе Ҳавиер Коломина ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

„Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Украина имҩаҧысуа аибашьреи  ашәарҭара азҳареи афонаҿ атәылахьчара аминистр ҷыдала дазааҭгылеит Қырҭтәыла ахыхьчаралшареи, аҭышәынтәалареи, акиберхыхьчара алшареи, НАТО астандартқәа рзааигәахареи аҵакы. Иара ишазгәеиҭаз ала, ари апроцессаҿ Алианс аҟны аполиткиатәи апрактикатәи усеицура хымҧада ирҭбаатәуп.

Ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО анеҩстәи асаммитаҿ Алианс алахәылацәа Қырҭтәыла адгылара азаадырҧшып ҳәа игәыҕуеит“, – иануп Атәылахьчара аминситрра аинформациаҿы.

Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломина Қырҭтәыла даҭааит арегионалтә турне аҳәаақәа ирҭагӡаны.