Атәылахьчара аминистр иҭахаз аруаа рыхшара иаауа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Атәылахьчара аминистр иҭахаз аруаа рыхшара иаауа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра аиҿкаарала, “Армиҳолл” аҿы 2008 шықәсатәи аибашьреи, аҭынчрачаԥаратә миссиақәеи арратә маҵӡура анагӡареи раан иҭахаз аруаа рыхшара рзы Ашықәс ҿыцтәи ауснагӡатә мҩаԥган.

Атәылахьчара аминистрра аинформациала, афырхацәа рыхшаара Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит Атәылахьчара аминистр. Џьуаншер Бурҷулаӡеи Атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Заза Чхаиӡеи ахәыҷқәа Ашықәс ҿыцтәи аҳамҭақәа рырҭеит.