Атәыла ахада ладминистрациа  - Атәыла ахада лҳәамҭа хықәкыла архәанчреи ажәлар рыгәҭа ииашам агәаанагара аларҵәареи даҽа ҽазкрак ҟалеит
Атәыла ахада ладминистрациа  - Атәыла ахада лҳәамҭа хықәкыла архәанчреи ажәлар рыгәҭа ииашам агәаанагара аларҵәареи даҽа ҽазкрак ҟалеит

«Қырҭтәыла ахада ахаангьы атәыла ахаралымҵацт  асанкциақәа рывсра, уи еиҳангьы, лара лоуп  жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны, иреиҳаӡоу ачынуааи аҳәаанырцәтәии аҭыҧантәии АИХи рҿаҧхьа зегьы раҧхьа  атәыла  ахьӡ  зыхьчоз», — иануп Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аҳәамҭаҿы.

Иара убас, аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала,  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл асанкциақәа рывсразы ахарәхара амоуп ҳәа атәыла ианахарарҵо аамҭазы, атәыла аиҳабыра, атәыла ахьӡ ахьчаразы ирылшо зегьы ҟарҵароуп.

«Атәыла ахада лҳәамҭа хықәкыла архәанчреи ажәлар рыгәҭа ииашам агәаанагара аларҵәареи даҽа ҽазкрак ҟалеит. Уажәазы уи   асанкциақәа рывсра азҵаара иадҳәалоуп – Қырҭтәыла ахада ахаангьы атәыла ахаралымҵацт  асанкциақәа рывсра, уи еиҳангьы, лара лоуп  жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны, иреиҳаӡоу ачынуааи аҳәаанырцәтәии аҭыҧантәии АИХи рҿаҧхьа зегьы раҧхьа  атәыла  ахьӡ  зыхьчоз. Лара изныкымкәа аргама илҳәахьеит  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ахархәарала асанкциақәа рывсра шьақәзырҕәҕәаша афактқәа шыҟам, абри аҩыза аинформациа шлымам.  Лара изныкымкәа иаҵшьны иазгәалҭахьеит Қырҭтәыла афинанстә сектор жәларбжьратәи афинанстә санкциақәа зегьы ишрықәныҟәо.  Иахьатәи аҭагылазаашьаҿы, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл асанкциақәа рывсразы ахархәара амоуп ҳәа атәыла ианахарарҵо аамҭазы, атәыла аиҳабыра, атәыла ахьӡ ахьчаразы ирылшо зегьы ҟарҵароуп», — иануп атәыла ахада ладминистрациа аҳәамҭаҿы.