Атәыла ахада ладминистрациа – Аҳәара шыҟаҵазгьы, апарламент, аимпичмент азҵаара ахәаҧшразы адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи аӡбарҭаҿы атәыла ахада лхаҭарнакцәеи  рааҧхьара иақәшаҳаҭымхеит
Атәыла ахада ладминистрациа – Аҳәара шыҟаҵазгьы, апарламент, аимпичмент азҵаара ахәаҧшразы адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи аӡбарҭаҿы атәыла ахада лхаҭарнакцәеи  рааҧхьара иақәшаҳаҭымхеит

«Аҳәара шыҟаҵазгьы, апарламент, аимпичмент азҵаара ахәаҧшразы  адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи аӡбарҭаҿы атәыла ахада лхаҭарнакцәеи  рааҧхьара иақәшаҳаҭымхеит», — иануп атәыла ахада ладминистрациа аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, атәыла ахада ладминистрациа, апарламентаҿ аимпичмент азҵааразы аилатәара  «абжьааҧнытә аусуратә форматаҿ» амҩаҧгара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.

Иахьа апарламентаҿ атәыла ахада лимпичмент азҵаара иахәаҧшуеит. Аилатәара иалагоит асааҭ 12:00 рзы.