Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла ахада лимпичмент азҵаара ахәаԥшра алшара лоуеит
Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла ахада лимпичмент азҵаара ахәаԥшра алшара лоуеит

Ахашеи аԥшьашеи рзы ахада липичмент азҵаара ахцәажәара ҳалшоит, — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Апарламент ахантәаҩы аимпичмент азҵаара ахәаԥшра апроцедура дазааҭгылеит.

«Раԥхьаӡа иргыланы дықәгылоит ажәахәҟаҵаҩ – авторцәа руаӡәы, уи ихатә позициа ааирԥшуеит. Уи ашьахь, арегламент ала, апарламент Қырҭтәыла ахада лааԥхьара алшоит.

Аҭак ҳазыԥшуп. Ишаадыруа ала, ахада азҵаара ахәаԥшра аҽалархәра лҭахуп. Ахада хымԥада дааҳаԥхьоит. Аилатәара алахәылацәа ажәахәҟаҵаҩи ахадеи азҵаарақәа рзықәдыргылар рылшоит. Актәи аԥхьараҿ иазыԥхьагәаҭоуп акомитетқәа рықәгыларақәа. Аҵыхәтәаны ажәахәҟаҵаҩцәа аихшьаалатә ажәала ақәгылара рылшоит.

Ари ашьҭахь абжьыҭира мҩаԥгахоит. Ишыжәдыруа ала, аимпичмент азы 100 бжьы аҭахуп”, – иҳәеит Папуашвили.