Шьалуа  Папуашвили – Апарламент зимпичмент азҵаара иқәгылоу ауаҩы апарламентахь лааҧхьара алшоит
Шьалуа  Папуашвили – Апарламент зимпичмент азҵаара иқәгылоу ауаҩы апарламентахь лааҧхьара алшоит

 

«Аконституциатә аӡбарҭа ишьақәнаргылеит атәыла ахада Аконституциа шеилалгаз, аӡбарҭ даҽа аӡбарак аднакылазҭгьы, ари азҵаара ахәаҧшра ҳаҟәыҵуан, аха, аӡбарҭа Аконституциа аилагара афакт шьақәнаргылеит, убри аҟынтә, уажәшьҭа ари апроцесс апарламентахь иасуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили абиуро аилатәараҿы.

Папуашвили иажәақәа рыла, апарламент зыӡбахәы ҳәоу аинформациа аофициалла анаиулак ашьҭахь, ари азҵаара ахәаҧшреи абжьыҭиреи аграфик еиқәыршәатәуп.

Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, апарламент арегламент инақәыршәаны, ари азҵаара иахәаҧшуеит апленартә аилатәараҿы.