Аҷара атуристтә сезон аадыртуеит рашәара 15 рзы
Аҷара атуристтә сезон аадыртуеит рашәара 15 рзы

 

«Аҷара атуристтә сезон  аофициалла  аадыртуеит рашәара 15 рзы», — аиҳабыра реилатәараҿы ари атәы ааицҳаит Аҷара аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭорнике Рижваӡе. Иара иажәақәа рыла, арегион аҿы атуризм ирласны аиҭашьақәыргылара иаҿуп.

«Иҳаҩсыз амзазы иҟаз арбагақәа инрықәыршәаны,  аҳаирбаҕәаза аусура 60%-ла еиҭашьақәыргылоуп, есмчыбжьы  60 ареисқәа мҩаҧыргоит. Абри адинамика даараӡа ибзиоуп», — иҳәеит Ҭорнике Рижваӡе.