Атаифун иахҟьаны, Токио зықьҩыла ауаа аевауациа рзыруит, ареисқәа рацәаны аԥыхуп
Атаифун иахҟьаны, Токио зықьҩыла ауаа аевауациа рзыруит, ареисқәа рацәаны аԥыхуп

Атаифн “Ампил” иахҟьаны, Токио зықьҩыла ауаа аевауациа рзыруит, ареисқәа рацәаны аԥыхуп, – аанацҳаит “Роитер”.

Мобар ақалақь аҿы 18500-ҩык аевакуациа рзууп, егьырҭ ақалақьқәа рҿы ауааԥсыра аевакуациатә ацентр ҷыдақәа рахь иагоуп.

Авиаеилахәыра „Japan Airlines“ аинформациала, 281 аҩныҵҟатәи ареиси 38 жәларбжьаратәи ареиси аԥыхуп.

иапониатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, арҭ ареисқәа рзы абилеҭқәа рыман 90000-ҩык ауааԥсыра.

Иара убас иаанкылоуп аихамҩатә неиааирагьы.