Астатистика амилаҭтә маҵзура  - Қырҭтәыла шықәсыктәи аинфлиациа  3,8 наӡына иаҟароуп
Астатистика амилаҭтә маҵзура  - Қырҭтәыла шықәсыктәи аинфлиациа  3,8 наӡына иаҟароуп

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,  2020 шықәсазы Қырҭтәыла 3,8 наӡына аинфлиациа иҟоуп.

Аинфлиациа арбагақәа рзы анырра ду аман ахәқәа рышьҭыҵра: афатәаалыҵи алкоголь злам арыжәтәқәеи рыхә иазҳаит 6,0 наӡынала. Иара убас, абарҭ агәыҧқәагьы рыхә ацлеит: ахәша (23,2 наӡына), акаҳуеит, ачаи, акакаои  (12,2 наӡына), аҧсыӡ  (9,1 наӡына), ахши, ашәи, акәтаҕьи  (8,0 наӡына), ача  (7,1 наӡына), ашьақари егьырҭ ахаатәқәеи (7,0 наӡына), аминералтә ӡқәеи, алкоголь злам арыжәтәқәеи ашәырӡқәеи  (4,7 наӡына), акәаци акәацлыхқәеи  (3,7 наӡына).

Иара убас, амедицинатә маҭәарқәеи  (12,4 наӡынала) амбулаториатә медицинатә маҵзуреи  (12,0наӡынала) рыхә ацлеит.