Асоциалтә каҭаҿы аоппозициаа рыдгылаҩцәа импыҵахлоу Аҧсны де-факто ахада иусбарҭа ахыбрахь рыҩналара зныҧшуа авидеонҵамҭақәа аладырҵәеит
Асоциалтә каҭаҿы аоппозициаа рыдгылаҩцәа импыҵахлоу Аҧсны де-факто ахада иусбарҭа ахыбрахь рыҩналара зныҧшуа авидеонҵамҭақәа аладырҵәеит

Асоциалтә каҭаҿы аоппозициаа рыдгылаҩцәа импыҵахлоу Аҧсны де-факто ахада иусбарҭа ахыбрахь рыҩналара зныҧшуа авидеонҵамҭақәа аладырҵәеит.

Импыҵахалоу Аҧсны шьыжь инаркны аоппозициаа рыдгылаҩцәа акциа мҩаҧыргоит.

Иацы импыҵахлоу Аԥсны имҩаԥысит де-факто ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны де-факто алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Зықьҩык инарзынаԥшуа аоппозициаа рхаҭарнакцәа Рауль Ҳаџьымба Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит, ахыбра аҩналара рҽазыршәеит. Урҭ рыхәҭак ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит. Шәҩыла еизаз ауааи ахыбра ахьчаҩцәеи рыбжьара аиҿагыларақәа аҭыԥ рыман.

2019 шықәса цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит. Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.

Posted by Низфа Аршба on ხუთშაბათი, 09 იანვარი, 2020