Ашоура афон аҿы, нанҳәа 12-14 рзы ақәа леиуеит, адыди амацәыси ҟалоит
Ашоура афон аҿы, нанҳәа 12-14 рзы ақәа леиуеит, адыди амацәыси ҟалоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра нанҳәа рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ашоура афон аҿы, нанҳәа 12-14 рзы ақәа леиуеит, адыди амацәыси ҟалоит

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, нанҳәа 12 рзы Қарҭ аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Нанҳәа 12-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом,  аҳауа аԥхарра ҽынла +30, +32 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): нанҳәа 12 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +27, +29 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. идыдуеит имацәысуеит, акырцх леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +31, +33  градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. идыдуеит имацәысуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +20, +25  градус иаҟарахоит.