Ашықәсҿыцтәи аусмҩаҧгатәқәа ирыдҳәаланы, ҧхынҷкәын 1 инаркны Қарҭ амҩақәак рҿы атранспорт аиҭаҵра иҧкызаауеит
Ашықәсҿыцтәи аусмҩаҧгатәқәа ирыдҳәаланы, ҧхынҷкәын 1 асааҭ 01:00 инаркны 2026 шықәса ажьырныҳәа 20-нӡа Қарҭ амҩақәак рҿы атранспорт аиҭаҵра иҧкызаауеит, — аарыцҳаит Қарҭ ахадара аҟынтәи.
Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны атранспорт аиҭаҵра иҧкызаауеит Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы, Мераб Костава имҩеи Раҧхьатәи ареспублика ашҭеи рымҩеихысырҭа инаркны Сандро Иашвили имҩанӡа, иара убас, Русҭавели имҩаду инаркны Қарҭтәи аҳәынҭқарратә аконцерттә зал ахырхарҭала, Раҧхьатәи ареспублика ашҭанӡа.
Ҧхынҷкәын 31 асааҭ 20:00 инаркны ажьырныҳәа 1 асааҭ 08:00-нӡа Русҭавели имҩадуи Раҧхьатәи ареспублика ашҭеи иркызаауеит.