"Ашықәс ҿыцтәи амшқәа Қырҭтәылаҿ" 63 қалақь рҿы ажьырныҳәа 13-нӡа имҩаԥгахоит
"Ашықәс ҿыцтәи амшқәа Қырҭтәылаҿ" 63 қалақь рҿы ажьырныҳәа 13-нӡа имҩаԥгахоит

Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иԥшьгарала, “Ашықәс ҿыцтәи амшқәа Қырҭтәылаҿ” 63 қалақь рҿы ажьырныҳәа 13-нӡа мҩаԥгахоит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациала, сынтәа раԥхьаӡа акәны ауснагӡатәқәа Даба Бакурианиҿгьы мҩаԥгахоит.

Амуниципалитетқәа зегьы рҿы Ашықәс ҿыцтәи аҩнқәа, апатреҭқәа ахьҭырхуа стендқәа, аинсталлиациақәа дыргылоит.  Имҩаԥысуеит аконцертқәа. Ашықәс ҿыцтәи ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Болнисии, Ниноҵминдеи, Озургеҭии, Местиеи, Қәҭешьи рҿы. Ашықәс ҿыцтәи апрограммақәа асааҭ 14:00 рзы иалагоит, аныҳәақәа аконцетқәа рыха ихыркәхоит”, – иануп аинформациа аҿы.