АшәМ - “Гексоген” аус иадҳәаланы имҩаԥысуа аусԥшаара аан иԥшаан ахара зқәу Денис Журавлев Глдани қьырала имаз даҽа нхарҭак, уи аимдараан иԥшаан акомпиутертә микросхемақәа, адокументқәа, аԥара
АшәМ - “Гексоген” аус иадҳәаланы имҩаԥысуа аусԥшаара аан иԥшаан ахара зқәу Денис Журавлев Глдани қьырала имаз даҽа нхарҭак, уи аимдараан иԥшаан акомпиутертә микросхемақәа, адокументқәа, аԥара

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аланарҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, “Гексоген” аус иадҳәаланы аусԥшаара нагӡоит.

АшәМ аинформациала, “Гексоген” аус иадҳәаланы имҩаԥысуа аусԥшаара аан иԥшаан ахара зқәу Денис Журавлев Глдани қьырала имаз даҽа нхарҭак, уи аимдараан иԥшаан акомпиутертә микросхемақәа, адокументқәа, аԥара.

АшәМ ҩыџьа Украина атәылауаа ааннакылеит, урҭ 2,4 кьыла аҧжәагатә маҭәахә  “Гексоген” рыдбалан. Цәыббра 11 рзы  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ишаарыцҳаз ала, ари амаҭәашьар “Сарԥи” аҳәаатә пункт ала Қырҭтәылаҟа иааган Румынтәылеи, Болгариеи, Ҭырқәтәылеи рҵакырадгьылқәа рыла. Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, аидаратә машьына украинатәи аномерқәа змаз Mercedes-Benz арныҟәцаҩ ари аҧжәага ирҭеит украинатәи амаҵзура ҷыда ахаҭарнакцәа, Украина аҵакырадгьылаҿ. Иара ари аҧжәага Қырҭтәылаҟа иааганы, аконкреттә хаҿы ииҭароуп ҳәа иарҳәеит. Иаанкылоу ауаҩы ари аҧжәага Урыстәылатәи афедерациашҟа инагатәын ҳәа иҳәеит, аха, аматериалқәа рҿы аҵыхәтәантәи алокациас иарбоуп Қарҭ, Авлабар араионаҿ иҟоу анхарҭатә ҩны.