Ашахмат азы Қырҭтәыла аҳәса реизга адунеи агәыԥтә чемпионат аҿы аиааира агеит #1TVSPORT
Ашахмат азы Қырҭтәыла аҳәса реизга адунеи агәыԥтә чемпионат аҿы аиааира агеит #1TVSPORT

Польша, Бидгошч ақалақь аҿы имҩаԥысуа ашахмат азыадунеи агәыԥтә чемпионат аҿы Қырҭтәыла аҳәса реизга Казахстан аизга аҵанархан, аиааира агеит.

Ҳгәыԥ аԥшьба финал аҿы Китаи аҵанархеит, афинал бжа аҿы – ЕАШ.

Адунеи агәыԥтә чемпионат аҿы иқәгылаз Қырҭтәыла аҳәса реизга алахәылацәа:

Бела Хотенашвили (2423), Мери Арабиӡе (2349), Нино Бацишвили (2366), Лела Џьавахишвили (2342), Маломе Мелиа (2267).

Қырҭтәыла аҳәса реизга ари аилазаара ала 2015 шықәсатәи адунеи агәыԥтә чемпионат аҿгьы аиааира агеит.