Асду иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаратә усурақәа рхы аладырхәоит аполициа агьежьԥрыгақәа
Асду иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаратә усурақәа рхы аладырхәоит аполициа агьежьԥрыгақәа

Мраҭашәарахьтәи Қырҭтәыла Асду иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаратә усурақәа рхы аладырхәоит аполициа агьежьԥрыгақәа, – аарыцҳаит АҩАР аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани, Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани, аҭыԥантәи анаԥхгара рхаҭарнакцәа Гәыриа ах-раионк рҟны ақыҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа агьежьԥрыгала амниторинг мҩаԥыргеит.