Асасааирҭа  «Шератон Баҭым» анапхгара дара рсасааирҭаҿы иҟалаз аинцидент авидеонҵамҭа наӡа  иашьашәалоу аорганқәа рыҭара иазыхиоуп
Асасааирҭа  «Шератон Баҭым» анапхгара дара рсасааирҭаҿы иҟалаз аинцидент авидеонҵамҭа наӡа  иашьашәалоу аорганқәа рыҭара иазыхиоуп

Баҭым иҟоу асасааирҭа  «Шератон Баҭым» аменеџьер Меги Жҕенти  асасааирҭаҿы иҟалаз аинцидент авидеонҵамҭа наӡа  иашьашәалоу аорганқәа рыҭара дазыхиоуп.

«Асасааирҭа “Шератон” –  аполитика иацәыхароуп. Ацәгьаура ҟалеит. Ҳара ииашаны ҳхы мҩаҧаагеит: аполициа ааҳаҧхьеит. Анҵамҭақәа зегьы иҟоуп, арҭ анҵамҭақәа макьана ицәыргам, избанзар аӡбарҭа аҟынтә аофициалтә документ ҳмоуӡацт. Анҵамҭақәа мызкы ишьҭазаауеит», – илҳәеит  Жҕенти.

Ателеканал «Имеди» ала аларҵәара зауз акадрқәа ирыдҳәаланы Жҕенти ишылҳәаз ала, ари авидео ҭылхит асасааирҭаҿ иҟаз ҧҳәыск.