Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара «Иҳәаадоу арепортиорцәа» иахьа Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа ирықәҿнаҭит.
“Иҳәаадоу арепортиорцәа” ажурналистцәа рықәлара иақәыӡбоит
«10ҩык раҟара ажурналистцәа аахақәа роуит иахьа шьыжьымҭан «Ҭбилиси Праид» иаҿагылоу ауааҧсыра аҳҭнықалақь агәҭаны ианеиза ашьҭахь. “Иҳәаадоу арепортиорцәа” ажурналистцәа рықәлара иақәыӡбоит, ҳара атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абарҭ афактқәа зегьы ирықәыӡбаны, иахәҭоу ақәҿыҭра рырҭарц», — иазгәарҭеит аиҿкаараҿы.