Арегби азы Адунеи ахраҿа  | Иахьа Қырҭтәыла аизга Фиџьи иацлабуеит  - ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ
Арегби азы Адунеи ахраҿа  | Иахьа Қырҭтәыла аизга Фиџьи иацлабуеит  - ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ

Иахьа Қырҭтәыла аизга, арегби азы Адунеи ахраҿа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Фиџьа аизга иацлабуеит. Бордо имҩаҧысуа аиҧылара иалагоит асааҭ  19:45 рзы, ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Ари аиҧылара аҩ-командак рзы аҵакы ду амоуп. Фиџьи аизга агәыҧ С аҿы аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит, афинал аҧшьбарак ахь аиасра ашанс амоуп.  Қырҭтәыла агәыҧаҿ ахҧатәи аҭыҧаз иқәҧоит, уи абзоурала, Қырҭтәыла аизга, автоматла, анеҩстәи адунеи ачемпинат  аҽалархәра алшара аиуеит.