"Арадио Ахақәиҭра" ажурналист  Вера Гирич  Киев аракетатә аахара аан дҭахеит
"Арадио Ахақәиҭра" ажурналист  Вера Гирич  Киев аракетатә аахара аан дҭахеит

«Арадио Ахақәиҭра» украинатәи абиуро ажурналистә  Вера Гирич иаха Киев аракетатә аахара аан дҭахеит.  Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХ.

Киев ахада Витали Кличко уаанӡа ишааицҳаз ала, ажурналист дыҧсны дырбеит Киев Шевченковтәи араион ҩнык аҿы.

Вера Гирич  «Арадио Ахақәиҭра» украинатәи абиуро аҿы апродиуссерс аус луан 2018 шықәса жәабран 1 инаркны. Уаанӡа лара иреиҕьу украинатәи ателееилахәырақәа рҿы амҩаҧгаҩс дыҟан.

Иацы урыстәылатәи арбџьармчқәа Киев аракетақәа аларыжьит.