Ақырҭуа ҧҳәыс ираҟтәи абизнесмен  4 кьылак ахьи  2,6 миллион адоллари ицәылҕьычит
Ақырҭуа ҧҳәыс ираҟтәи абизнесмен  4 кьылак ахьи  2,6 миллион адоллари ицәылҕьычит

Ақырҭуа ҧҳәыс ираҟтәи абизнесмен  4 кьылак ахьи  2,6 миллион адоллари ицәылҕьычит. Ари аинформациа аладырҵәеит аҭыҧантәи АИХ.

Аҭыжьымҭа  «Рудава» адыррала,  ари ахҭыс ҟалеит Ираҟ, Дахук ақалақь аҿы. Аполициа абизнесмен ахьи аҧареи аиҳара издырхынҳәит, аха, аҧҳәыс даанырымкылеит,избанзар лара Ираҟтәи Қурдистан далҵхьеит.

Ишдыру ала, аҭыҧантәи абизнесмен иҿы амаҵзуҩыс  аус зуаз аҧҳәыси даҽа хҩык ацәгьауцәеи аҩны цәдырҳәыр рҭахын цәыббра 3 рзы. Аҩны ацклаҧшратә камерақәа иҟан, убри аҟынтә, аҧҳәыс, лара лхаҭа  гәҩарас дышьҭырымхырц азыҳәан, асабрадақәа зҿаз  ҩыџьа ахацәа аҩныҟа иналышьҭит.

Азинхьчаҩцәа ишеилыркааз ала, ақырҭуа ҧҳәыс, 20 000 адоллар лыманы,  Ҭырқәтәылаҟа дыбналеит. Егьырҭ хҩык аанкылоуп, гәҩарас ирымоу даҽа 17ҩык рзы аусеилыргара мҩаҧысуеит.

Аҭыҧантәи АИХ ишырыҩуа ала, уи Дахука аҭоурых аҿы зегьы реиҳа зымҽхак дуу аҕьычроуп.