Ақырҭуа иҳәынҭқарратәм аиҿкаарақәа - "Урыстәылатәи азакәан" ҳацныҟәом
“Урыстәылатәи азакәан” ҳацныҟәом, 55 мш раԥхьа анапхгара ақырҭуа жәлар арҭаз ажәа еиларган, “Урыстәылатәи азакәан” еиҭах цәырыргеит, ари азакәан адкылара ала урҭ атәылауаҩратә сектор арбгара рҭахын, аха иаҭакны аперцедент змамыз аҭак роуит. Ақырҭуа жәлар ахатә европатәи аԥеиԥ ахьчара нанагӡоит, аурыс амагә аҟаҵа анхара ахаан иақәшаҳаҭхом, – иануп Аҿар аиуристцәа реиҿкаара (GYLA) асаит ианылаз аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, ари азакәан бӷьыцны иаанхоит, уи ацныҟәара аӡәгьы игәы иҭам.
“Ҳнапхара гәҭакылатәи ацәгьоура ҟарҵеит, ҳекономика, жәларбжьаратә ҳрепутациа, атәылауаҩратә аиҿкаара, атәыла ашәарҭа ҭадырргылеит.
55 мширылагӡаны шьақәҳарӷәӷәоит ажәлар ртәыла абзиабара ахаан ишаҟәымҵуа. Ҳаҿагылара, ҳақәԥара нагӡоит, ари азакәан мап аҵәыркроуп! Ҳаршәара рҭахын, аха ҳус – ауаа рыцхыраараҿ ҳаԥырхагара аӡәгьы шилымшо еилыркаауам.
Ахараԥса зқәырҵо зегьы рыхьчара ҳалагоит. Ҳиуристцәа ҳтәылеи уи анҭыҵи иҟоу аӡбарҭақәа рҿы ақәԥара нарыгӡоит.
Ҳақәԥара ацивилизациатә дунеи зегь аҿы адгылара аицеит.
“Урыстәылатәи азакәан” ҳацныҟәом, 55 мш раԥхьа анапхгара ақырҭуа жәлар арҭаз ажәа еиларган, “Урыстәылатәи азакәан” еиҭах цәырыргеит, ари азакәан адкылара ала урҭ атәылауаҩратә сектор арбгара рҭахын, аха иаҭакны аперцедент змамыз аҭак роуит. Ақырҭуа жәлар ахатә европатәи аԥеиԥ ахьчара нанагӡоит, аурыс амагә аҟаҵа анхара ахаан иақәшаҳаҭхом”, – иануп аҳәама аҿы.