«Ақырҭуа гәахәтәы» апарламенттә делегациа Китаи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит
«Ақырҭуа гәахәтәы» апарламенттә делегациа Китаи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аинформациала, апарламентә делегациа визитла Китаи иаҭааит, уаҟа дара атәылақәа рыбжьара аусеицура арҭбаара амзызла астратегиатә аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

«Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ақырҭуа политикцәа Китаи анапхгаратә партиеи,  Жәлар рхаҭарнакцәа рконгресси,  Китаи аҵара аминистрра абызшәеи аҵареи рзы аусеицура ацентри,  Китаи ахәаахәҭратә палатеи,  иреиҕьу атехнологиатә корпорациақәеи рхаҭарнакцәа ирҧылеит.

Қырҭтәыла иахәаҧшуеит Европеи Азиеи рыбжьара атрансконтиненталтә атранспорттә  «Абжьаратә корридор» аҿы ахадаратә ҵакы змоу атәыла аҳасабала. Евроеидгыла аофициалтә позициа ишьақәнарҕәҕәоит арегионалтә усеицура аҵакы ду шамоу.  Китаи азы Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара – европатәи аџьармыкьақәа ралаларазы альтернативтә механизмеиҿызкаауа  компонентуп.

Атранзиттә тәыла аҳасабала Қырҭтәыла иамоу алшарақәа рыбзоурала, ари атәыла  евроазиатә ахәаахәҭраҿы асистематә ҵакы аиуит,  избанзар,  Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла, 2,3 миллиардҩык ахархәаҩцәа змоу аџьармыкьа алалара алшоит», — иануп аинформациаҿы.