«Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа инақәыршәаны, аҩашазы апарламент Ника Мелиа адепутаттә акьымсра иқәырхоит
 «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа инақәыршәаны, аҩашазы апарламент Ника Мелиа адепутаттә акьымсра иқәырхоит

  Апарламент иаламлаз аоппонентцәа адемократиатә қәыҧшылара аҳәаақәа ирҭыҵит, уажәы азакәан аҳәаақәагьы ишырҭыҵыз аабоит. Убри аҟынтә, аҩашазы апарламент анеизалак, Мелиа иаҳҳәоит  азакәан аҿаҧхьа ауаа зегьы рзинқәка шеиҟароу,  — иҳәеит анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә адепутат Шьалуа Папуашвили Ника Мелиа иус данахцәажәоз.

Апрокуратура хада апарламент иадҵаалт  Ника Мелиа изы аҧкратә уснагӡатә аҳасабала абаандаҩтәра ахархәаразы.  Анапхгаратә гәыҧ алахәылацәа ишырҳәаз ала, апарламенттә аиҳара Ника Мелиа адепутаттә аламкьысра иқәхра иақәшаҳаҭхоит.