Ақырҭуа-ашәамахь аҳәааҿы агәаҭара-аужьҭратә пункт ҿыц «Ниноҵминда» аадыртит
Ақырҭуа-ашәамахь аҳәааҿы агәаҭара-аужьҭратә пункт ҿыц «Ниноҵминда» аадыртит

Афинансқәа рминистрра аинформациала, Ахашәалахәқәа рзы амаҵзура атәыла зехьынџьара агәаҭара-аужьҭратә пунктқәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи нанагӡоит.

Ақырҭуа-ашәамахь аҳәааҿы агәаҭара-аужьҭратә пункт ҿыц «Ниноҵминда» аадыртит.

Аминистрра аинформациа инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу апункт ҿыц аҿы 11 аҭыҵырҭа ҿыцқәа еиҿкаауп, урҭ жәларбжьаратәи аидарамҩангаразы иаҭаху агәаҭаратә системақәа зегьы рыла еиқәыршәоуп. Апункт ҿыц   «Ниноҵминда» аҿы аус руеит  70ҩык ахазалхыҩцәа. Есымша аҩ-хырхарҭак рыла ари апункт иахысыр рылшоит  600 еиҵамкәа аидарамҩангагақәеи, 3000 амашьына ласқәеи, 8000ҩык апассаџьырцәеи.