Ақырҭуа аруаа х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа ETERNITY 2023 рхы рыладырхәит
Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа аруаа х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа ETERNITY 2023 рхы рыладырхәит.
Бақәа имҩаҧгаз азыҟаҵарақәа ирылахәын Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи арратә маҵзуҩцәеи, иара убас, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә агазмҩангага ахьчара адепартамент ахаҭарнакцәеи.
Атәылахьчара аминистрра адыррала, азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман астратегиатә ҵакы змоу аобиектқәеи (Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан агазмҩангага), иара убас, арегион аекономикатә проектқәеи рыхьчара арҕәҕәара.
Х-ганктәи азыҟаҵарақәа, зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа руакы аҿы имҩаҧысуеит 2000 шықәса инаркны.
Сынтәа ETERNITY 2023 мҩаҧган Азербаиџьан Атәылахьчара амилаҭтә университет арратә напхгараҭара аинститут аибашьратә хәмаррақәа рцентр аҿы.