Ақырҭуа аган иаарыҧхьаз жәларбжьратә ихьыҧшым експертцәа Гудаури инеихьеит  
Ақырҭуа аган иаарыҧхьаз жәларбжьратә ихьыҧшым експертцәа Гудаури инеихьеит  

Хәажәкыра 16 рзы Гудаури иҟалаз амашәыр  зыхҟьаз амзызқәа реилкааразы,  Қырҭтәыла иаҭааит аилахәыра Биуро веритас аекспертцәа. Урҭ Гудаури инеины, аексперттә ҭҵаарақәа рымҩаҧгара иалагахьеит.

Аекономика аминистрраҿы ишарыцҳаз ала. урҭ инарывагыланы, апроцесс иалахәып Қырҭтәыла апрокуратура иаҵанакәа Самхараули ихьӡ зху аекспертиза амилаҭтә биурои аекономика аминистрра атехникатәи аргыларатәи хылаҧшра агентреи рхаҭарнакцәагьы. Гудаури дыҟоуп Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминситр ихаҭыҧуаҩ Генадт Арвелаӡегьы.

Актәи авице-аҧыза ишааицҳаз ала. аганқәа зегьы, дара-дара ирхьыҧшымкәа, рхатә аихшьаала цәырыргаруоп. избанзар араҟа аконкреттә  машәырк  мацара акәымкәа, атәыла ахьӡ иадҳәалоу ахҭыс ҟалеит.

Хәажәкыра 16 рзы Гудаури ашахамҩа ҧхасҭахан. 16ҩык аахақәа роуит.