Апрокуратура аӡбарҭа иадҵаалеит Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы изы амчылара зхарарҵаз ауаҩҧсы, заанаҵтәи ауснагӡатә ҳасабала, аҭакра иқәырҵарц
Апрокуратура аӡбарҭа иадҵаалеит Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы изы амчылара зхарарҵаз ауаҩҧсы, заанаҵтәи ауснагӡатә ҳасабала, аҭакра иқәырҵарц

 

Апрокуратура аӡбарҭа иадҵаалт Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы изы амчылара зхарарҵаз Гьаргь Маҕраӡе, заанаҵтәи ауснагӡатә ҳасабала, аҭакра иқәырҵарц.

Аусеилыргаратә процесс иалагоит иахьа, Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы, асааҭ  19:00 рзы.

Аус еилиргоит аӡбаҩ Давиҭ Қурҭаниӡе.

Ҧхынгәы  5 рзы, Қарҭ, «Ҭбилиси Праида»  иаҿагылаз ауааҧсыра ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи ирықәлеит, еиуеиҧшым АИХ рхаҭарнакцәа аахақәа роуит, урҭ дреиуп Ауаажәларратә дырраҭара аҭыхҩы Илиа Ҭвалиашвилигьы.