Апроект The Voice, раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәылагьы иинтерактиву ахәаҧшцәа амазаауеит
Апроект The Voice аҟынтә зеиҧшҟамлац алшара — уажәшьҭарнахыс ахәаҧшцәа, амузыкатә проект анҵара анахарала аҽалархәреи аекран аҿы рхатә ҭыҧ аанкылареи рылшоит.
Ахәаҧшцәа ари апроцесс рҽаладырхәыр рылшоит апрограмма Zoom ахархәарала.
Авидеонҵамҭа аҽалархәразы, ахәаҧшцәа, Феисбук аҿы иҟоу агәыҧ (The Voice • Қырҭтәылантә ахәаҧшҩы) рыҽҭаҩроуп.
Аҭыҧқәа рхыҧхьаӡара ҳәаақәҵоуп, 100 еиҳамзароуп.
Хара имгакәа, жәларбжьаратәи амузыкатә проект The Voice Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы иалагоит. Атренерцәа рыҧшьҩыкгьы идыруп: Стефане Мҕебришвилии, Николоз Раҷвелии, Ниаз Диасамиӡеи, Саломе Коркотишвилии.