Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра – Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла аамҭакьаҿла ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы аҧшацәгьа асуеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра – Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла аамҭакьаҿла ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы аҧшацәгьа асуеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра  абҵара 6-8 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Агентра адыррала,  абҵара 6 шьыбжьышьҭахь Қырҭтәыла регионқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәа ауеит,  џьара-џьара аҧшацәгьа асуеит.

«Қарҭ алышәшәақәа леиуам,  аха,  абҵара 7 рзы аҧша ҕәҕәа асуеит. Шьыбжьон  +19, +21 градус ҧхаррахоит.

Аҟәаратә раионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) абҵара  7 рзы ақәа леиуеит. Абҵара 9-нӡа ҧхаррахоит. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +21, +23 градус аҟынӡа.