Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи еицыҟарҵаз адгалара ашьаҭала, атәыла ахада аӡиудо азы амилаҭтә аизга алахәылацәа анашьамҭақәа риҭеит
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии еицыҟарҵаз адгалара ашьаҭала, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аӡиудо азы амилаҭтә аизга алахәылацәеи, азыҟаҵаҩцәеи, Аӡиудо азы афедерациа анапхгареи Аҳаҭыртә орденқәеи Аҳаҭыртә медальқәеи ранеишьеит.
Апрезиденттә аханаҿ иахьа имҩаҧгаз анашьамҭаҭара ацеремониаҿы, атәыла ахадеи, аҧыза-министри, апарламент ахантәаҩи даҽазнык аӡиудоистцәа рықәҿиара дуқәа рыдныҳәаланы, ҭабуп ҳәа рарҳәеит.
Аҧыза-министр иӡбарала, аӡиудо азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга, адунеи ачемпион атитул аиура инамаданы, аҧаратә ҳамҭа – миллион лари аиуеит.
Қырҭтәылазы алагала ҷыда азыҳәан Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә анашьамҭа – Ҭамар аҳҧҳәыс лорден ланашьоуп аҳәса ӡиудоистцәа реизга алахәыла, адунеи ачемпион Еҭер Липартелиани.
Аҭоурыхтә ҵакы змоу аспорттә қәҿиаразы Аҳаҭыртә орденқәа рыҭан Гьаргь Сардалашвилии, Лука Маисураӡеи, Михаил Бахбахашвилии, Мариам Ҷантуриеи, Софио Сомхишвилии, Еҭер Аскилашвилии, Қырҭтәыла аҳәса ӡиудоистцәа рмилаҭтә аизга азыҟаҵаҩ Кахабер Моцраӡеи, Аӡиудо азы амилаҭтә федерациа авице-ахада Гьаргь Аҭабегашвилии, аӡиудо азы амилаҭтә аизга аҳақьымцәа – Авҭандил Ҭелиеи Гьаргь Мгелаӡеи.
Аҳаҭыртә медальқәа роуит Гьаргь Џьабниашвилии, Иракли Деметрашвилии, Саба Инанеишвилии, Нино Лолаӡеи, Қырҭтәыла аӡиудо азы амилаҭтә аизга азыҟаҵаҩ Нодар Метревелии, Аӡиудо азы амилаҭтә федерациа ахада Леван Нозаӡеи амилаҭтә аизга аҳақьым Гьаргь Казаликашвилии.