Апатириарх анышә иамадара аиҿкааратә зҵаарақәа рзы аус зуа аҳәынҭқарратә комиссиа еиҿкаахоит
Апатириарх анышә иамадара аиҿкааратә зҵаарақәа рзы аус зуа аҳәынҭқарратә комиссиа еиҿкаахоит

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи анышә иамадара аиҿкааратә зҵаарақәа ирыдҳәаланы, аиҳабыра радминистрациаҿы аусуратә аиҧылара мҩаҧган 

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх, Мцхеҭа-Қарҭтәи аҷкәандар хада, Пицундеи Цхәым-Аҧсни амитрополит, Илиа Аҩбатәи анышә иамадара аиҿкааратә зҵаарақәа ирыдҳәаланы, аиҳабыра радминистрациаҿы аусуратә аиҧылара мҩаҧган. Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Мамука Мдинараӡеи, Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда аиҳабы Анзор Чубиниӡеи, аиҳабыра алахәылацәеи.  

Аусуратә аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Апатириарх анышә иамадара аиҿкааратә зҵаарақәа рзы аус зуа аҳәынҭқарратә комиссиа еиҿкаахоит. Иара убас, Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Апатриархиа акомиссиа аусура рхы аладырхәоит. 

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи иҧсра инамаданы, Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшқәа рылаҳәоуп. Алахьеиқәҵаратә мшқәа нагӡахоит Апатриарх анышә иамадара амш иналаҧхьаӡаны.