Апартиа  "Қырҭтәыла адгыларазы" алахәыла  Нодар Шерозиа русҭавтәи Сакребуло ахантәаҩыс далырхит
Апартиа  "Қырҭтәыла адгыларазы" алахәыла  Нодар Шерозиа русҭавтәи Сакребуло ахантәаҩыс далырхит

Русҭавтәи Сакребуло хантәаҩыс далырхит апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла  Нодар Шерозиа.  Амуниципалтә аизара ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидат заҵәык дықәгылан.

«Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа Сакребуло ахантәаҩы иҭыҧ азы ркандидат дықәдрымгылеит, дара абжьыҭирагьы иалахәымызт.

Русҭавтәи Сакребуло иалоуп   «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә  16ҩык адепутатцәеи,  «Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә  16ҩык адепутатцәеи, апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» хҩык алахәылацәеи.