Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Михаил Саакашвили абахҭашҟа ддырхынҳәырц
Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Михаил Саакашвили абахҭашҟа ддырхынҳәырц

««Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит алхраҧхьатәи аспектакль иаҟәыҵны,  рхатә алхраҧхьатәи хықәккәа рынагӡаразы аӡбарҭа ахархәара иаҟәыҵырц, еилаҳаз  «Амилаҭтә ҵысра» аҽеидкылара алшара амҭакәа,  Михаила Саакашвили абахҭашҟа диаргарц», — иҳәеит апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла  Михаил Даушвили иахьатәи абрифинг аҿы.

«Ауаажәлар идҳардырыр ҳҭахуп «Амилаҭтә ҵысра» аиқәырхареи аидҵареи иазку аоперациа ҷыда шымҩаҧысуа.  «Ақырҭуа гәахәтәы» ари аоперациа еиҿыркааит Чинчалаӡе -Мурусиӡе  аӡбаратә система ацхыраарала.

Амаҵзуратә зинмчқәа цәгьашақә рхархәара зхарарҵаз  Михаил Саакашвили иацы аӡбаратә процессаҿ, апалата аҟынтәи ишиашо ицо аефираҿ апартиатә аилатәара мҩаҧигон,  адҵақәа риҭон,   «Амилаҭтә ҵысра» аидҵара аплан еиқәиршәон, аукраин бызшәала дцәажәон, ҽакала иаҳҳәозар, аӡбарҭаҿы изхәаҧшуаз ашьауҕатә ус изакәызаалак ак ала иадҳәалам аусқәа дрылацәажәон. Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанҧҵара инақәыршәаны,  иара уи аҟаҵара азин имам,  аӡбаҩ уи дааникылар акәын,  уи ацынхәрас,  Саакашвили иҟаиҵо алхраҧхьатәи агитациа ишиашо аефир аҿы иоурыжьҭуеит», — иҳәеит  Даушвили.

Иара иажәақәа рыла, «ахара зду,  абахҭатә палатаҿ иҭаку,  атәым ҳәынҭқарра атәылауаҩ амилаҭтә алхратә процессқәа дрылахәып,  уи закәандароуп,  аха,  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара уи азы азин ирҭоит.

«Абри аҩыза агитациатә ҟазшьа змоу ахҭысқәа уаанӡагьы иҟалахьан,  абарҭ афактқәа хықәкык ауп ирымоу  — ганкахьала,  еилаҳаз   «Амилаҭтә ҵысра»  2024 шықәсатәи алхрақәа рзы еиҭашьақәдыргылар рҭахуп,  егьи аганахьала  — Қырҭтәыла ауааҧсыра Саакашвилии  «Амилаҭтә ҵысреи» рыла идыршәар рҭахуп.

«Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит алхраҧхьатәи аспектакль иаҟәыҵны,  рхатә алхраҧхьатәи хықәккәа рынагӡаразы аӡбарҭа ахархәара иаҟәыҵырц, еилаҳаз  «Амилаҭтә ҵысра» аҽеидкылара алшара амҭакәа,  Михаила Саакашвили абахҭашҟа диаргарц.

Иара убас, атәыла анапхгара ақырҭуа закәанҧҵара анагӡара еиқәдыршәароуп – атәым ҳәынҭқарра атәылауаҩ ҳтәыла аҩныҵҟаполитикатә процессқәа рҽалагалареи рылахәызаареи азин имам», — иҳәеит  Михаил Даушвили.